Акьыҧхьразы аверсиа
Ажәабжьқәа
1 - 15 of 479
Алагамҭа | Аҧхь. |
1
 
2
3
4
5
6
7
8
9
10
11
|
Ашьҭ.
|
Last
|
Зегьы
Аамҭа иаҵанакуа аматериалқәа
(ар./амз./аш.)
...
18/11/2008 16:10
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Аиҳабыреи Смоленсктәи аобласт Ахадареи рнапы аҵарыҩуеит Аиқәшаҳаҭразы аҧкаанҵа
Адокәмент иазҧхьагәанаҭоит аиҩызаратә еимадарақәа рырҕәҕәареи, ахәҳахәҭра – економикатәи, анаука-техникатәи, акәльтуратәи усхкқәа рҟны аусеицура. Аиқәшаҳаҭразы аҧкаанҵа рнапы аҵарыҩуеит Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиеи, Смоленсктәи аобласт агәбернатор – ихаҭыҧуаҩ Игор Савченкои.
/
>>
/
17/11/2008 16:10
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧснынтәи 28-ҩыуаак ашколхәыҷқәа алахәхоит ақалақь Великии Устиуг аҟны имҩаҧысраны иҟоу Аҵаа Бабаду иирамш аныҳәа
Аҵарадырра аминистр Индира Аҩардан ажурналистцәа изларалҳәаз ала. Великии Устиугҟа ицеит Аҟәатәи алицеи-интернати, Калдахәаратәии, Тамшьтәии аинтернатқәа рҵаҩцәа. „Арҭ ахәыҷқәа аҵара бзианы изҵо, аҵарадырра аминистрра имҩаҧнагахьоу Олимпиадақәа рҿы зҽалызкааз роуп“, - лҳәеит аминистр.
/
>>
/
17/11/2008 16:00
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь усуратә визитла Москва дыҟоуп
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь усуратә визитла Москва дыҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла аҳҭны-қалақь ахь дцеит, Урыстәылеи Аҧсни рекономикатә усеицура азҵаатәқәа рылацәажәара хықәкыс иманы – ҳәа адырра ҟарҵеит Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟны.
/
>>
/
17/11/2008 11:30
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны аҳәаахьшьцәа иааныркылеит Қырҭтәылантә Гал араион иаҧну аҳәаа иахысырц зҽазызшәоз адиверсиатә гәыҧ
Асабшаҽны, Аҧсны аҳәаахьшьцәа иааныркылеит Қырҭтәылантә Гал араион иаҧну аҳәаа иахысырц зҽазызшәоз адиверсиатә гәыҧ, ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩныҵҟатәи Аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Лауренс Коҕониа.
Иара иажәақәа рыла, 13.00 сааҭ рзы аҧсуа ҳәаахьшьцәа рыҧшыхәраан Саберио ақыҭан игәарҭеит абџьарла еибыҭаз фҩыуаак. „ Аҭыҧ змаз аиҿахысрақәа рышьҭахь, ақырҭқәа рганахьала аӡәы дшьуп“, - иҳәеит Коҕониа.
/
>>
/
14/11/2008 17:10
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны аделегациа алахәхоит Кавказ ашәарҭадара азҵааразы Женеватәи абжьгарақәа
Женеваҟа ицоит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба, Германиа иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахаҭарнак Зеки Қапба.
/
>>
/
14/11/2008 17:00
АҦСНЫ, АҞӘА
Игор Ахба дҟаҵоуп Урыстәыла Афедерациаҿ Аҧсны ацҳаражәҳәаҩыс
Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара инадҳәаланы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит, Москва ақалақь аҟны, Ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа аҧҵаразы.
/
>>
/
13/11/2008 17:20
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны аиҳабыреи Тамбовтәи аобласт Ахадареи рнапы аҵарҩит Аиқәшаҳаҭразы Аҧкаанҵа
„Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны анапы аҵанаҩхьеит Урыстәыла Афедерациа арегионқәа жәпакы рыҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭрақәа. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳагьы арааигәареи арҕәҕәарареи рзы. Аҧсны азҿлымҳауп аполитикатәи, аекономикатәи, ауаҩытәыҩсатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара“, - иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Тамбовтәи аобласт аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо.
/
>>
/
13/11/2008 17:10
АҦСНЫ, АҞӘА
С.Шоигу Аҧснытәи иколлегацәа ақәиргәыҕит акадрқәа разыҟаҵараҿы Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа ацхыраара шазыҟаиҵо ала
С.Шоигу игәаанагарала, „раҧхьаӡа иргыланы, аперсонал азыҟаҵара бзиа рыҭатәуп, арыцҳара иақәшәаз ауаа апрофессионалтә цхыраара рырҭартә еиҧш, - абри ихадоу уснагӡатәуп“, - ҳәа азгәеиҭеит. „Москвеи, Ахара Мрагылареи рҟны иҟоуп ацентрқәа, иаарласны уахь ҳарзыҧшыуп Аҧснынытәи аиқәырхаҩцәа разыҟаҵаразы.
/
>>
/
11/11/2008 11:00
АҦСНЫ, АҞӘА
Удмуртиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аҟнытә Аҧсныҟа иаагоуп агәҳалалратә цхыраара аидара
Удмуртиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, аполковник Александр Колдомов адырра злаҟаиҵаз ала, урҭ ҷыдала ашколқәа рзы иааргеит астолқәеи, аҟәардәқәеи, апартақәеи, Аҧсны атагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аоперативникцәа рзы аҧхынтәи аӡынтәи амаҭәа, аиқәырхаҩцәа рзы арҧхагеи алашарзы агенератори зцыу апалаткақәеи, иара убасгьы Аусбарҭа азы зда ҧсыхәа ыҟам анормативтә докәментациақәеи.
/
>>
/
10/11/2008 16:10
АҦСНЫ, АҞӘА
Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аҧсны алахәхара азҵаара макьаназы иаартны иаанхоит
„Ишдыру еиҧш, иаҳхысыз Женеватәи аиҧылара, жьҭаара 15 рзы имҩаҧысыз, уи аформат ҳахьақәшаҳаҭымхаз инадҳәаланы лыҵшәа маиуит. Мызкы иалагӡагны, ҳара ари апроцесс ҳалахәхара аҭагылазаашьақәа шьақәҳарҕәҕәар акәын“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Шамба. Уи, иара убасгьы иазгәеиҭеит, „ ари азҵаараҿы ҧхьаҟацарақәак ыҟазаргьы, аҧсуа ган иқәдыргыло адҵаҟаҵарақәа азхарҭәаауам ҳәа. Убри инамаданы, Женеватәи аиҿцәажәарақәа ҳара ҳалахәхара азҵаара макьаназы иаартны иаанхоит“.
/
>>
/
10/11/2008 10:00
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иохан Вербеке
Аҳәынҭқарра Ахада апатын Вербеке адырра ииҭеит, иаарласны Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара анапы шаҵаҩхо Аҳәынҭқарратә ҳәаа еицеилахәны ахьчаразы Аиқәшаҳаҭра. Адокәмент иазҧхьагәанаҭоит аҧсуа ҳәаахьшьцәа Урыстәыла ацхыраара шырнаҭо атәы. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, агәаҭарҭа-аушьҭырҭатә пункт „Ингәур“ ацҳа агәаны аҧсуа хәаахьчаратә отриад мацара шракәхо амаҵзура иахысуа.
/
>>
/
07/11/2008 18:30
АҦСНЫ, АҞӘА
Гал араион ахадара аиҳабы Б. Аршба мап ацәикуеит араион ауааҧсыра рыҩнқәа кажьны Қырҭтәылаҟа ицошәа ақырҭуа кьыҧхь иҟанаҵо адырраҭара
Гал араион ахадара аиҳабы Беслан Аршба, мап ацәикуеит ақырҭуа електронтә массатә-информациатә хархәагақәа араион ауааҧсыра имҩаҧысуа ареидқәа ирыхҟьаны рыҩнқәа кажьны Қырҭтәыла аганахь ицошәа иҟарҵо адырраҭара. „Ауаа џьаргьы ицаӡом. Урҭ шынхац рыҩнқәа рҟны инхоит“, - иҳәеит уи.
/
>>
/
07/11/2008 18:20
АҦСНЫ, АҞӘА
Америка Еидҵоу Аштатқәа рконгресс абиблиотекеи Колумбиатәи аславистикатә унивирситети С.Лакобеи О.Бҕажәбеи рышәҟәы „Аҧсны аҭоурых“аиуразы аҳәара ҟарҵоит
Америка Еидҵоу Аштатқәа рконгресс абиблиотекеи Колумбиатәи аславтистикатә унивирситети Шәачаҟа аҳәара ҟарҵеит аҵарауаа Станислав Лакобеи Олег Бҕажәбеи рышәҟәы „Аҧсны аҭоурых“ роуырц шырҭахыу ала. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.
/
>>
/
06/11/2008 17:20
АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсуа телехәаҧшра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, гәыҧҩык аусзуҩцәа иранашьоуп Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Аҧсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа гәыҧҩык, Аҧсуа телехәаҧшра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы.
/
>>
/
04/11/2008 19:20
АҦСНЫ, АҞӘА
Абҵарамза 7 рзы Аҧсны даауеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда, ООН амиссиа ахада Иохан Вербеке
Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҟны адырра злаҟарҵаз ала, апатын Вербеке дырҧылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Аҧыза-аминистр А.Анқәаб, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба. Асабшаҽны, абҵарамза 8 рзы уи дырҧылоит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Н.Ашәбеи ареспублика иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи.
/
>>
/
1 - 15 of 479
Алагамҭа | Аҧхь. |
1
 
2
3
4
5
6
7
8
9
10
11
|
Ашьҭ.
|
Last
|
Зегьы
Асаит иазкны
RSS – аканалқәа
Аполитика ашәарҭадара
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аусбарҭа.