 |
07/07/2008 17:10 АҦСНЫ, АҞӘА Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Р.Ҳаџьымба ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит агәаҽанызаара рымазарц
„Амчратә еилазаарақәа рылшарақәа зегьы азкыуп ақырҭуа маҵзура ҷыдақәа абас еиҧш рхымҩаҧгашьақәа раҧырҟәҟәаареи, ауааҧсыра ршәарҭадара аиқәырхареи,“ – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Р.Ҳаџьымба. Убри аан уи иазгәеиҭеит, ауааҧсырагьы агәаҽанызаара рымазарц шаҭахыу. />>/
|
 |
07/07/2008 17:00 АҦСНЫ, АҞӘА Ашәарҭадара Ахеилак алацәажәеит Гал араион аҟны аҭагылазаашьа
Ашәарҭадара Ахеилак алацәажәеит Гал араион аҟны Қырҭтәылантә атеррористтә гәыҧқәа рахмыжьразы иҟаҵатәу аусмҩаҧгатәқәеи, иара убасгьы араион аҟны ауаажәларратә шәарҭадара ахьчара иадҳәалоу азҵаатәқәеи. />>/
|
 |
07/07/2008 10:30 АҦСНЫ, АҞӘА Гал ақалақь агәаны атҟәацра иахҟьаны иҭахеит 4 – ҩыуаак
Амҽышаҽны, ҧхынгәымза 6 рзы, 22 сааҭи 58 минуҭи рзы, ақалақь Гал акаҳуажәырҭақәа руак аҟны иҟалаз атҟәацра бааҧс иахҟьаны иҭахеит 4 – ҩыуаак ироуз ахәра хьанҭақәа ирыхҟьаны. Абри атәы аанацҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа Галтәи рраионтә ҟәша аҟнытә. />>/
|
 |
06/07/2008 17:20 АҦСНЫ, АҞӘА Урыстәыла атәылахьчара аминистрра агәҭынчымра аанарҧшуеит аҧсуа – қырҭуа еимакы апроблема Қырҭтәыла мачыла аӡбара агәы иҭоуп ҳәа иҟоу аинформациазы
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра агәҭынчымра аанарҧшуеит, аҧсуа – қырҭуа еимакы апроблема Қырҭтәыла мачыла аӡбара агәы иҭоуп хәа иҟоу аинформациазы- ҳәа аҳәоит Уыстәыла арратә хылаҧшырҭа аинформациеи, апресс – маҵзура аусбарҭеи. />>/
|
 |
05/07/2008 10:20 АҦСНЫ, АҞӘА Қырҭтәыла азхиаӡам аҭынч еиҿцәажәара – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит С.Багаҧшь Бундестаг адепутатцәа рҧылараан
„Ҳара еилаҳкаауеит аҧсуа – ақырҭуа еимакы азонаҿы иҟоу аҭагылазаашьазы Мраҭашәара иамоу агәҭынчымра. Ҳара даҽазныкгьы ишьақәҳарҕәҕәоит ҳшазхиоу аҭынч еиҿцәажәара, Қырҭтәылатәи ҳаппонентцәа уи иазхиахар, аха макьаназы ҳара иаабом Қырҭтәыла уи иазхиоуп ҳәа“, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Бундестаг адепутатцәа рҧылараан. />>/
|
 |
03/07/2008 10:10 АҦСНЫ, АҞӘА Ашәарҭадара амаҵзуреи Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрреи еицымҩаҧыргоит ауснагӡатәқәа аринахыс атҟәацрақәа аҭыҧ рмоуразы
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ареспубликаҿы иҟалаз ахҭысқәа инарымаданы, Ашәарҭадара амаҵзуреи Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрреи, араионқәеи ақалақьқәеи рхадарақәеи аринахыс абри еиҧш ахҭысқәа аҭыҧ рмоуразы еицымҩаҧыргоит еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа. Абри атәы иҳәеит, аҧсуа телехәаҧшрала дықәгыло, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Владимир Арлан. />>/
|
 |
03/07/2008 10:00 АҦСНЫ, АҞӘА Аҧсны Иреиҳаӡоу апрокуратура Аҟәеи Гагреи рҟны иҟалаз атҟәацрақәа инарыдҳәаланы иҭнаҵаауеит еиуеиҧшым аверсиақәа
Миқанба иҧхьаӡоит, атеракҭқәа рыҟаҵара хықәкыс иаман – ҳҳәынҭқарра аҵшәаара, акурорттә сезон аиҵаҟьара, атәыла Иреиҳаӡоу рнапхгара ақәыҕәҕәара рзыҟаҵара. Убри инадҳәаланы иҳадаҳкылеит аӡбара аусмҩаҧгатәқәа рырҕәҕәаразы, зегь раҧхьаӡа иргыланы Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәаа аркра, - иҳәеит Иреиҳаӡоу апрокурор. />>/
|
 |
02/07/2008 20:10 АҦСНЫ, АҞӘА Гагра араион ахадара аматериалтә цхыраара рнаҭоит, амҽышаҽны атҟәацра аан ааха зауыз
Гагра араион ахадара аматериалтә цхыраара рнаҭоит, рашәарамза 29 рзы, аҭыҧ змаз атҟәацра аан ааха зауыз рыфҩыкгьы. Абри атәы ааицҳауеит, Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Ҭемыр Қапба. />>/
|
 |
02/07/2008 20:00 АҦСНЫ, АҞӘА Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба: „Қырҭтәыла ахымҩаҧгашьала, Аҧсны аҭагылазаашьа анаҭом аиҿцәажәаратә процесс алахәхаразы“
Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба иҧхьаӡоит, „Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахада Ека Ткешелашвили иҟоу аҭагылазаашьа зынӡаск илыздыруам ҳәа“. Абас еиҧш ахҳәаа азыҟаиҵеит Ткешелашвили иҟалҵаз аҳәамҭа. Уи иазгәалҭеит:“ аҧсуа ган иҟанаҵаз аӡбара, Гал араиони Аҧсни рыбжьареи Қырҭтәыла егьырҭ ахәҭақәеи рыҟны аҳәаа аркра, аимак аҭышәныртәалара зынӡаск иацхраауам ҳәа“. />>/
|
 |
02/07/2008 12:00 АҦСНЫ, АҞӘА Аҧсны аиҳабыра алагеит Адыгеиантә Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәа атәанчахәы рызшәара
Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара, 2008 шықәса рзы, иаднакылеит Ақәҵара „1992 – 1993 шш. рзы иааигәои ихарои аҳәаанырцә атәылақәа рыҟнытә Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәа атәанчахәы рызшәара“. />>/
|
 |
02/07/2008 10:20 АҦСНЫ, АҞӘА Аҳәаа иаҧну Гал араион аҟны аҭагылазаашьа ҭышәынҭәалоуп
Аҳәаа иаҧну Гал араион аҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, - ҳәа адырра ҟаиҵеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Р.Кьышьмариа. Иара иажәақәа рыла, иахьа инаркны, Ашәарҭадара Ахеилак аӡбара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аанкылоуп ауааҧсыреи автомашьынақәеи рзы. />>/
|
 |
02/07/2008 10:10 АҦСНЫ, АҞӘА Рашәарамза 30 рзы, Аҟәатәи аџьармыкьаҿы ахәрақәа зауз рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп
Абри атәы аарыцҳаит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҟнытә, ашәахьаҽны ааха зауз ахьнагаз. Артҟәацра иахҟьаны, 6 – ҩыуаак ахәрақәа роуит, урҭ рахьынтә 4 – ҩыуаак шьҭаҵан.
/>>/
|
 |
02/07/2008 10:00 АҦСНЫ, АҞӘА Аҟәеи Гагреи рҟны аҭыҧ змаз атеррактқәа рыҭҵааразы иаҧҵоуп еилахәу агәыҧ
Аҟәеи Гагреи рҟны аҭыҧ змаз атеррактқәа рыҭҵааразы иаҧҵоуп Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрреи еилахәу ргәыҧ. Абри атәы ааицҳауеит Аҧсны Иреиҳаӡоу апрокурор Сафарбеи Миқанба. />>/
|
 |
01/07/2008 12:40 АҦСНЫ, АҞӘА Имҩаҧысит Аҧсны ауаажәларратә палата арепатриациа азҵаарақәа ирызкыз апленартә еилатәара
Рашәарамза 30 рзы имҩаҧгаз ауаажәларратә палата апленартә еилатәара азкын аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыргьежьра апроблемақәа />>/
|
 |
01/07/2008 12:30 АҦСНЫ, АҞӘА Егры аӡиас иаҧну ақырҭуа – аҧсуа ҳәаа аркыуп
Ари аҩыза аӡбара рыдкылан, рашәарамза 30 рзы, Ареспублика Аҧсны Ашәарҭадаратә Хеилак аилатәараҟны, Гагреи Аҟәеи рҟны аҭыҧ змаз артҟәацрақәа инарыдҳәаланы. />>/
|