Ажәабжьқәа Акьыҧхьразы аверсиа Акьыҧхьразы аверсиа

Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ареспублика анапхгареи аиҳабыреи реилатәра мҩаҧигеит

04/03/2010 12:50       АҦСНЫ, АҞӘА

Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ареспублика анапхгареи аиҳабыреи реилатәара мҩаҧигеит, уаҟа иаҧҵан иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҧсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Акомиссиа аилазаараҟны: Ареспублика Аҧсны Аҧыза-министр С. Шамба, Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ В.Цыгәба, Атәылахьчара аминистр М.Кьышьмариа, Аҟәа ақалақьи, Аҟәа араиони Рхадарақәа  реиҳабацәа А.Лабахәуеи, В.Аҩӡбеи, Аҧсны Аҵарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Ш. Арсҭаа, Алада Ешыра ақыҭа ахада Ҭ.Езыгәбаиа. Аҳәынҭқарратә комиссиа хадара азиуеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С. Багаҧшь.

Иаарласны, Владислав Арӡынба иҭаацәа рыҟны абжьгарақәа рышьҭахь,Аҳәынҭқарратә комиссиа раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧсыжра аиҿкааразы аусмҩаҧгатәқәа рыланаҳәоит.

ажәабжьқәа рархив

 

Асаит иазкны RSS – аканалқәа Аполитика ашәарҭадара
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аусбарҭа.