Ажәабжьқәа Акьыҧхьразы аверсиа Акьыҧхьразы аверсиа

Дмитрии Медведев дрыдышшылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Аҧсны жәлар зегьи Владислав Арӡынба иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы

04/03/2010 17:00       АҦСНЫ, АҞӘА

Урыстәыла Апрезидент Дмитрии Медведев раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба иҧсҭазаара дахьалҵыз гәалсра дула идикылеит.

Дмитрии Медведев ҭелла диҿцәажәеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь. Уи иазгәеиҭеит иахьатәи амш шархәашьыз Владислав Арӡынба иҧсра иадҳәалоу ажәабжь хьанҭа.

Урыстәыла Апрезидент гәалсра дула дрыдышшылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи Аҧсны жәлар зегьи.

ажәабжьқәа рархив

 

Асаит иазкны RSS – аканалқәа Аполитика ашәарҭадара
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аусбарҭа.