Ажәабжьқәа Акьыҧхьразы аверсиа Акьыҧхьразы аверсиа

Аҧсны иҟоу УА ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара ҟанаҵоит В.Арӡынба иҧсра инамаданы

04/03/2010 17:20       АҦСНЫ, АҞӘА

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа  ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада В.Арӡынба иҧсра инамаданы.

“Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа гәалсра дула ирыдыркылеит изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Владислав Григории-иҧа Арӡынба иҧсра”, - ҳәа аҳәоит адышшларатә шәҟәы аҟны.

Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь аҳәара ҟанаҵоит ирыдышшыларц Аҧсны анапхгареи В.Г.Арӡынба иҭаацәеи.


ажәабжьқәа рархив

 

Асаит иазкны RSS – аканалқәа Аполитика ашәарҭадара
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аусбарҭа.