Ажәабжьқәа Акьыҧхьразы аверсиа Акьыҧхьразы аверсиа

Аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа В.Арӡынба иҧсҭазаара дшалҵыз азы алаҳәарақәа ркьыҧхьит Ҭырқәтәыла иҭыҵуа агазеҭқәа рыҟны

08/03/2010 17:20       АҦСНЫ, АҞӘА

Ҭырқтәыла иҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа (“Аҧсны аҩызцәа”) агазеҭ “Radical” аҟны иркьыҧхьит Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада В.Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара.

“Ҳара ахааназ даҳхашҭуам Кавказ аҧа гәымшәа, Ареспублика Аҧсны раҧхьатәи Ахада, ашьаҭаркҩы, ҳаҧхьагыла, ҳфырхаҵа. Уи наунагӡа ҳагәқәа рыҟны даанхоит”, - ҳәа аҳәоит “Аҧсны аҩызцәа” рыхьӡала иҟарҵаз адышшылараҟны.

Кавказ Афедерациеи (Анкара) Кавказтәи абизнесуаа Рассоциациеи агазеҭ “Hurriyet”  аҟны иҟарҵеит Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба иҧсҭазаара дшалҵыз азы алаҳәара.

ажәабжьқәа рархив

 

Асаит иазкны RSS – аканалқәа Аполитика ашәарҭадара
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аусбарҭа.