|
09/03/2010 18:00 АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада, Амилаҭтә Фырхаҵа Владислав Григори-иҧа инижьхьаз ауасиаҭ ала, анышә дамардеит Аҟәа араион Ешыра ақыҭан, Гәмысҭатәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа Рмемлориалтә комплекс аҟны. Араҟа иҟоуп иара убас аибашьра ахьӡ-аҧша Амузеи. Владислав Арӡынба анышә дахьамардаз аҟнынтә иубарҭоуп Гәмысҭа аӡиас, 1992-93 шықәсқәа рзтзи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи афронт ацәаҳәа.
Зықьҩыла Аҧсны ауааҧсыра ааит иахьа Аҟәа, раҧхьатәи Рхада наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәаразы. Шьыжьнаҵы Арӡынба иҧсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ ахьықәгылаз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Филармониахь иаауан ҵҩа змам ауаа Аҧсны Афырхаҵа иҿаҧхьа ихырхәаразы. Арӡынба аҧсуа жәлар рмилаҭә-хақәиҭратә қәҧара дасимволуп.
Владислав Арӡынба иҧсра – Аҧсны жәлар зегьы рзы рыцҳара духеит, ауаа рылаҕырӡқәа рзыҵәахуамызт. Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәаразы арахь иааит амилаҭтә еилазаарақәа зегьы, убрахь иналаҵаны ацыганцәа реилазаарагьы.
Алахьеиқәратә митинг алагара 14.00 сааҭ рзы иазгәаҭазгьы, ауаа рнеира ахьеихымсыҕьуаз азы, сааҭк ихьшәаны иалагар акәхеит.
Зыкьҩыла ауаа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон раҧхьагыла Владислав Арӡынба. |